Аԥсуа жәлар рашәа “Нарҭаа рышьҭыбжь“: апроект “Амазара“ аҩбатәи авидео ҭыҵит
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» ихацдыркит аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мал аӡыргара иазку апроект «Амазара». Апроект ҿыц хықәкыс иамоуп абаза жәлар ахаҭарнакцәа реиԥш иарбан милаҭзаалак ахаҭарнакцәагьы ҳатрадициатә культура аԥшӡареи аҵаулареи дырбара.