• Аҧсуа чара: Аргәынаа. Абхазская свадьба: род Аргун. Abkhazian wedding: Argun family.
Аҧсни аҧсуа жәлари ачарақәа рыгымзааит! Урҭ дара ҧсыуала имҩаҧыргалааит! Ацәгьара ҳҟәыгазааит! Ацәгьара акәзар, Анцәа иаҧиҵаз аҧсрада цәгьара ҟамлааит, уигьы аҧсуа қәра ду амазааит! Ари зхысҳәаауа, лассы-лассы ачарақәа ҳрықәшәалоит ҳауацәа, ҳҩызцәа раамышьҭахь, шықәсык мҵыцкәа. Шықәсык ҵаанӡа даҽа 5-6 ҧсра ҳалашәоит, еиҳамзар. Ас-ас ҳашнеиуа, зынӡагьы ачарақәа раан акәашареи ашәаҳәареи ҳарҟәаҵуазар акәхап.
Ус ҳҳәеит ҳәагьы, иузааигәоу, ужьы иахылҵыз уаҳәшьаҧа наӡа аҧҳәыс данааига, азныказ угәырҩагьы уаиааироуп, улах