Тизер Гуразыла Абх.
“Гәыразыла“-ари апроект Аҧсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа алшара рнаҭоит аҽалархәра, хадара злоу, ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аҧара аизгара иазку агәыҳалалратә акциақәа раҧшьгара.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа, ҳара гәык-ҧсыкала ааҧхьара шәаҳҭоит шәҽалашәырхәырц апроект “Гәыразыла“.
Ишәхашәмыршҭлан: аразра еснагь ихынҳәуеит.