Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви реиԥылара мҩаԥысит Цхинвал

Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви реиԥылара мҩаԥысит Цхинвал. Аԥсны Ахада Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлеги ижәлари ирыдиныҳәалеит ареспублика ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра. “Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра аҭынч ԥсҭазаареи аизҳазыӷьареи рыла анхара иаԥсоуп. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҷыда еилаҳкаауеит, ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы иреиӷьу амеханизмқәа раԥҵараҿы ҳхы иаҳархәароуп“, — иҳәеит иара. Алан Гаглоев иганахьала, Бадра Гәынбеи Аԥснытәи аделегациеи аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы ахьаладырхәуа азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. “Абарҭ 35 шықәса ирылагӡаны, Аԥсны ауааԥсыра реиԥш, Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсырагьы аԥышәарақәа рхыргеит, иҟан ахьаа, иҟан арыцҳара, аха иҟан аиааирақәагьы. Ҳара ҳашьцәеи ҳареи абарҭ аԥышәарақәа ҳахганы, азхаҵара ҳауит“, — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. 20 сентября 1990 года Совет народных депутатов Юго-Осетинской автономной области принял декларацию о государственном суверенитете Юго-Осетинской Советской Демократической Республики. Source: Sputnik А?сны
Back to Top