«Иҿыцу адунеихәаҧшышьа» - асоциалтә ӡыргара афестиваль.
Уи еиҿнакааит Аҟәа ақалақь ахадара, аспонсор хадас иаман амобилтә еимадара « Аҟәафон». Иахьа уи афестиваль хыркәшан, иалкаахаз иранашьан аҳамҭақәа. Уи шымҩаҧысыз атәы анаҩстәи ҳанҵамҭаҿы.
«Иҿыцу адунеихәаҧшышьа» – ҳәа хьӡыс измаз асоциалтә ӡыргаратә фестиваль рҽаладырхәт 71 юык рҿынӡа. Аусумҭақәа рҿы иаарҧшын еиуеиҧшым ацәгьаурақәа раҧырҟәҟәааразы ицхыраагӡатәу авидеонҵамҭақәа, иахьа аҧсны аҩныҵҟа ицәырҵуа апроблемақәа, иаҳҳәозар – арҩышьыгатә маҭәашьарқәа, аҩыжәра, аҭаҭынахара, амҩадуқәа рҿы аҭагылазаашьа,