Видео от Гылрышь Араион Администрациа

Гәылрыҧшь араион аҿы аҧсуа бызшәеи алитературеи ашьаҭаркҩы, Д.Гәли иубилеи ныҳәак аҳасабала иаҧылеит. “Аҧхьара ззымдыруа длашәуп. Ашәҟәҩыра знымаало бызшәа ыҟаӡам.“ Гәылрыҧшь араион администрациа аҵарадырра аҟәша, Д Гәлиа иқәраныҳәа иазкны, жәабранмза алагамҭаз, еиҿыркаауа иалагеит имҩаҧгахо ауснагӡатәқәа. Жәабранмза 1 инаркны, ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабрақәа. Аицлабраҿы ашколхәыҷқәа алитература аганахьала ирымоу адыррақәа аадырҧшит. Жәабранмза 20 рзы иалкаахаз алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз ашколхәыҷқәа, араион “Акультура Ахан“ ахь ааҧхьара рыман. Имҩаҧган агәалашәаратә еиҧылара: ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, иаздырхиеит ашәақәа, иаадырҧшит алитературахь ирымоу абзиабара.
Back to Top